Амилаҭтә банк – Американтә аҧаратә аиагарақәа рстатистикаҿы азҳара атенденциа иҟоуп
2025 шықәса жәабран азы Американтә аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара иазҳаит 13,9%-ла, ари арбага 47,3 млн адоллар иаҟароуп.
Иахьа Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ицәырнагаз астатистика инақәыршәаны, зегьы реиҳа ирацәаны аҧара – 44% – 110,7 млн адоллар ииагоуп Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә, бжеиҳарала, Италиеи, Германтәылеи, Бырзентәылеи рҟынтә.
Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, Урыстәыланатә аҧаратә аиагарақәа рстатистика маҷхеит, жәабран азы ари арбага 44,7%-ла имаҷхеит.
2025 шықәса жәабран азы Қырҭтәылантә аҳәаанырцәҟа ииаган 28,7 млн адоллар (80,9 млн лари).