Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа азҳаит  76,8 млн адоллар рыла
Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа азҳаит  76,8 млн адоллар рыла

2025 шықәса хәажәкыразы иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа азҳаит  76,8 млн адоллар рыла. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла  Амилаҭтә банк.

«Жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа атәыла амакроекономикатә ҭышәынтәалара еиқәзыршәо афактор хадоуп. Амилаҭтә банк акыраамҭалатәи аполитика еснагь жәларбжьаратәи арезервқәа реизгареи арезервтә активқәа еффективла рхархәареи иазкын.  2025 шықәса хәажәкыразы иҟоу адыррақәа рыла, жәларбжьратәи авалиутатә резервқәа рҭаӡараҿы ахьы ахәҭа  16,6% (714,9 млн адоллар) иаҟароуп.  Ахьы ахә ацлара абзоурала, хәажәкыразы арезервқәа рҭаӡара азҳаит  64,4 млн адоллар рыла. Ахьы аахәара амш инаркны иахьанӡа амонетатә ахьы ахә азҳаит  195 млн адоллар рыла. Амилаҭтә банк аофициалтә жәларбжьаратәи резервқәа ирызку ирҿыцу аинформациа цәырнагоит   2025 шықәса лаҵара  7 рзы», — иануп Амилаҭтә банк аинформациаҿы.