Амилаҭтә банк 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа азнарҳаит   5 аҟынтә  6%-нӡа
Амилаҭтә банк 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа азнарҳаит   5 аҟынтә  6%-нӡа

Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава лҳәамҭала, атәыла аекономикатә азҳара  Амилаҭтә банк ашықәс алагамҭаз иҟанаҵаз аҧхьагәаҭара аасҭа иаҳа идухоит.

Лара лажәақәа рыла,   Амилаҭтә банк 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа азнарҳаит   5 аҟынтә  6%-нӡа, аха, лгәы ишаанаго ала, сынтәа аекономикатә азҳара  6% иреиҳахаргьы ҟалап.

«Уи абзоурала ахашәала азҳауеит, иаҳа ирацәаны ауааҧсыра аусурҭа роуеит. Аха, ахархәаратә ҭахрақәагьы азҳаит, уи ахәқәа ирныҧшыр ауеит, ҳара ари апроцесс хшыҩзышьҭрала ҳацклаҧшуеит.

Аекономикатә азҳара зыбзоуроу ахадаратә факторқәа ирылыскаар сҭахуп аинвестициақәеи аекспорти.  Асекторқәа рҟынтә  аекономикатә азҳараҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит  афинанстә сектор, ҳфинанстә сектор даараӡа иҕәҕәоуп, уи қәҿиарала аусура нанагӡоит», — илҳәеит  Турнава.