Амиграциа адепартамент аусуҩцәа 34ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит
Амиграциа адепартамент аусуҩцәа 34ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит

Қырҭтәыла  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа адепартаменти иашьашәалоу аҟәшақәеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы имҩаҧысуа акомплекстә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қырҭтәыла иалцан 34ҩык атәымтәылауаа.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла,  зыӡбахәы ҳәоу атәылауаа иреиуп  Индиеи, Ҭырқәтәылеи, Туркменистани, Китаи, Египети, Ираки, Урыстәылеи, Ирани,  Иорданиеи, Пакистани, Азербаиџьани,  Нигериеи,  Мароккои ртәылауаа.

Амч змоу азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәыла алалара азин рымам.