Амиграциа адепартаменти Аҳәаатә полициеи аусзуҩцәа азинтә ашьаҭада Қырҭтәыла иҟаз 14ҩык атәымуаа ааныркылеит
Амиграциа адепартаменти Аҳәаатә полициеи аусзуҩцәа азинтә ашьаҭада Қырҭтәыла иҟаз Бангладеши, Ҭырқәтәылеи, Узбекистани, Азербаиџьани, Марокои ртәылауаа, зынӡа 14ҩык атәымуаа ааныркылеит.
„Ишеилкаахаз ала, арҭ ауаа Қырҭтәыла иҟан изакәызаалак азинтә ашьаҭада. Дара ахыҵакырҭа аиура апроцедурала иазҧхьагәаҭоу аҿҳәарақәа еилаганы, акыршықәса ирылагӡаны, азинтә ашьаҭада Қырҭтәыла иҟан. Убри аҟынтә, Амиграциа адепартамент аӡбарала, арҭ ауаа аанкылоуп.
Уажәазы арҭ ауаа Амиграциа адепартамент аамҭалатәи анырхара ацентраҿ иҟоуп, иашьашәалоу апроцедурақәа рышьҭахь рызынтәгьы ртәылақәа рахь идырхынҳәуеит“,- иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.