Америка ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа иранаҭеит  11,5 миллион адоллар ахә атехника
Америка ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа иранаҭеит  11,5 миллион адоллар ахә атехника

Америка ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа иранаҭеит  26 тонна агуманитартә цхыраара. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа.

Ацҳаражәҳәарҭа адыррала,  атәылахьчаратә мчқәа 11,5 миллион адоллар рыхә аибыҭара  рыҭан алшарақәа реизырҳаразы.

«Иахьа ҳара Қырҭтәыла Атылахьчаратә мчқәа ираҳҭеит   аибашьралшара аизырҳара иазку 26 тонна агуманитартә цхыраара.   11,5 миллион адоллар рыхә аибыҭара – Америка аиҳабыра астратегиатә партниор – Қырҭтәыла  излацхраауа ахархәагақәа иреиуп», — иануп аинформациаҿы.