Америка ацҳаражәҳәарҭа  - Америка импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы имҩаҧысуа апрезиденттә алхрақәеи урҭ рылҵшәақәеи иазханаҵом
Америка ацҳаражәҳәарҭа  - Америка импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы имҩаҧысуа апрезиденттә алхрақәеи урҭ рылҵшәақәеи иазханаҵом

Америка  мшаҧы 10 рзы  Қырҭтәыла импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы имҩаҧысуа апрезиденттә алхрақәеи урҭ рылҵшәақәеи иазханаҵом, —  иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.

«Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ирыдҳәаланы ҳпозициа идыруп: арҭ арегионқәа Қырҭтәыла иаҵанакәеит.  Азакәандаратә  «алхрақәеи» Урыстәыла алалара иазку  «ареферендуми» ари аҭагылазаашьа рзыҧсахуам. Убри аҟынтә, ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло.

Уажәы,  Урыстәыла Украина аҵакырадгьыл аҿы  зырқьиара ҟамло гәымбылџьбаратә еибашьра анымҩаҧнаго, аукраин жәлари ақалақьқәеи ианрықәло, жәларбжьаратәи шәарҭадара шьаҭас иамоу ахадаратә принципқәа рыхьчара азҵаара аҵакы ҷыда аиуит.

Убри аҟынтә, ҳара Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  зыҧшра ҟамҵакәа Украина аибашьреи Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ампыҵахалареи иаҟәыҵырц, амца аанкылара иазкны  2008 шықәсазы рхы иадырҵаз аҧхықәрақәа нагӡаны, рбџьармчқәа Қырҭтәыла алыргарц, Қырҭтәылатәи арегионқәа  — Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара иазку аӡбара иаҧыхны, абарҭ арегионқәа рҿы агуманитартә цхыраараа уадаҩрада аиҭаҵра еиқәдыршәарц», — иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.