Амедиа адыррала, аурыс арбџьармчқәа  Донецктәи атәылаҿацә Константиновка ақалақь иалахысит, фҩык иреиҵамкәа ҭахеит
Амедиа адыррала, аурыс арбџьармчқәа  Донецктәи атәылаҿацә Константиновка ақалақь иалахысит, фҩык иреиҵамкәа ҭахеит

Аурыс ампыҵахалаҩцәа  Донецктәи атәылаҿацә Константиновка ақалақь иалахысит.  Фҩык иреиҵамкәа ҭахеит. Ари аинформациа аладырҵәеит аҭыҧантәи анапхгареи Украина ахада иадминистрациеи.

Дара рдыррақәа рыла, аурыс арбџьармчқәа ақалақь агәҭа иалахысит. Аихагыла рацәа змоу 16 хыбрақәеи хазхаҭалатәи аҩнқәеи, ахәыҷбаҳчеи, Ашәахатә маҵзура ахыбреи  аҧхасҭа ду роуит.