Амедиа адыррала, Америка Израиль азин анаҭеит аҳаиртә хыхьчаратә система Финлиандиа азыҭиразы
Амедиа адыррала, Америка Израиль азин анаҭеит аҳаиртә хыхьчаратә система Финлиандиа азыҭиразы

Амедиа адыррала, Америка Израиль азин анаҭеит аҳаиртә хыхьчаратә система Финлиандиа азыҭиразы. Ари аинформациа аланарҵәеит The Times of Israel.

Уаанӡа Финлиандиа анапхгара ишырәҳаз ала, атәыла НАТО ианалала ашьҭахь,  аҳаиртә хыхьчаратә система аархәар рҭахын, аха, уи азыҳәан Америка азин аҭахын.

Израиль, раҧхьаӡа акәны, аҳаиртә хыхьчратә система даҽа тәылак азыҭиит.

Ари аиқәшаҳаҭра 345 миллион адоллар иаҧсоуп.