Амч зауз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аиҭаҵра ҟалоит ахаҭара зыршаҳаҭуа абиометриатә агәраргагала
Амч зауз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аиҭаҵра ҟалоит ахаҭара зыршаҳаҭуа абиометриатә агәраргагала

«Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара атәылауаа авизада реиҭаҵра иазку» аиқәшаҳаҭра амч аиуит,  зыӡбахәы ҳәоу адокумент  2023 шықәса ажьырныҳәа 13 рзы Ереван рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли  Ҕарибашвилии Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр  Никол Ҧашиниани.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ ишырҳәаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ртәылауаа иаҳа ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара иазкуп.

«Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ртәылауаа, ахаҭара зыршаҳаҭуа абиометриатә агәраргагала,  Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аиҭаҵра рылшоит жәларбжьаратәи аныҟәарақәа рзы иазҧхьагәаҭоу аҳәаатә пункт ахархәарала», — иануп  Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  аинформациаҿы.