Алеқсандр Дарахвелиӡе  - Ҳусеилыргаҩцәа уахгьы-ҽынгьы афакт цыҧхьаӡазы аус руеит
Алеқсандр Дарахвелиӡе  - Ҳусеилыргаҩцәа уахгьы-ҽынгьы афакт цыҧхьаӡазы аус руеит

Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит амчылара зхароу ауаа рыҧшаареи иашьашәалоу ауснагӡатәқәа рымҩаҧгареи азыҳәан. Ашьауҕатә ус аилыргара мариам. Аконкреттә хаҿы ахада идҵаразы ашаҳаҭгақәа рацәа еизгатәуп.  Ҳусеилыргаҩцәа уахгьы-ҽынгьы афакт цыҧхьаӡазы аус руеит, — иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе аминистрраҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

«Аусеилыргаҩцәа авидеонҵамҭақәа рыҭҵаареи аконкреттә хаҿқәа раарҧшреи иаҿуп. Раҧхьатәи амш азы хҩык аанкылан, иацгьы ҧшьҩык аанкылан. Аконкреттә хаҿы ахара идҵаразы  ашаҳаҭгақәа рацәа еизгатәуп.   Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит адәахьы ажурналистцәа рықәлара зхароу ауаа зегьы раарҧшразы », — иҳәеит Алеқсандр Дарахвелиӡе.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе иахьа абрифинг мҩаҧганы, ажәлар аинформациа риҭеит Ҭбилиси Праид амчыбжь инамаданы Қарҭ имҩаҧгаз аполициатә уснагӡатәқәа ирызкны.