Николас Сендерович – Ауснагӡатә «Ҭбилиси Праид» аҧыхра иадҳәаланы агәынамӡара ааҳарҧшуеит, уи шыҟалаз еилаҳкаарц азыҳәан, иахьа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҳаиҧылеит
Николас Сендерович – Ауснагӡатә «Ҭбилиси Праид» аҧыхра иадҳәаланы агәынамӡара ааҳарҧшуеит, уи шыҟалаз еилаҳкаарц азыҳәан, иахьа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҳаиҧылеит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра Аҿиареи аусеицуреи рзы аҟәша аиҳабы  Николас Сендерович агәынамӡара ааирҧшит ҧхынгәы 8 рзы Қарҭ  «Праид-фестиваль»  аҧыхра афакт иадҳәаланы.

Иара ишиҳәаз ала,  аҭагылазаашьақәа реилкааразы, иахьа  еиуеиҧшым атәылақәа рыцҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәеи иареи  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҧылеит.

«Ауснагӡатә «Ҭбилиси Праид» аҧыхра иадҳәаланы агәынамӡара ааҳарҧшуеит, уи бзиаӡам. Сара схаҭагьы асабшаз ари ауснагӡатә аҽалархәра сгәы иҭан. Ауаҩы цыҧхьаӡа игәаанагара аарҧшра азин имоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ишаабо еиҧш, ари азин еиқәыршәамызт. Иҟалаз шыҟалаз еилаҳкаарц азыҳәан, иахьа сареи еиуеиҧшым атәылақәа рыцҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҳаиҧылеит», — иҳәеит  Николас Сендерович.