Алеқсандр Дарахвелиӡе  - Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахатә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны азҵаарақәа зегьы аҭак рнаҭеит, ВВС аусеилыргараҿы излацәажәоз афактқәа зегьы шиашам шьақәырҕәҕәоуп  
Алеқсандр Дарахвелиӡе  - Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахатә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны азҵаарақәа зегьы аҭак рнаҭеит, ВВС аусеилыргараҿы излацәажәоз афактқәа зегьы шиашам шьақәырҕәҕәоуп  

«Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахатә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны азҵаарақәа зегьы аҭак рнаҭеит, убри аҟынтә, аспекулиациақәа рзы мзызк иҟам», — иҳәеит Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе.

Дарахвелиӡе иҳәамҭала, ВВС аусеилыргараҿы ицәыргаз афактқәа зегьы шиашам шьақәырҕәҕәоуп.

«Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусеилыргара наӡа мҩаҧнагеит,  160 иреиҳаны аусеилыргратә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧган,  90ҩык иреиҳаны рҿахәы рҿыхуп, аекспертиза мҩаҧгоуп, ари аус ахәаҧшразы иаҭахыз адокументациа зегьы цәыргоуп. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азакәан ишақәныҟәоз шьақәырҕәҕәоуп. Иқәиҭыму амаҭәашьарқәа рхархәара афакт шьақәырҕәҕәам. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахатә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны азҵаарақәа зегьы аҭак рнаҭеит, аспекулиациақәа рзы шьаҭак иҟам , ВВС аусеилыргараҿы излацәажәоз афактқәа зегьы шиашам шьақәырҕәҕәоуп.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ицәырнагаз инарҭбаау аинформациаҿы  амаҭәашьарақәа зегьы иарбоуп. Аус иацуп ари амаҭәашьарқәа раахәара иазку адокументациа зегьы. Аҳәынҭқарратә шарҭадара амаҵзура 2007–2009 шықәсқәа рзы иаахәаз амаҭәашьар иазкны аинформациа наӡа цәырнагеит. Уаҳа азҵаарақәа иҟам», — иҳәеит  Алеқсандр Дарахвелиӡе.