Алеқсандр Дарахвелиӡе  - Изакәызаалак арбаратә репрессиақәа мҩаҧаагом, апроцессуалтә нормақәа еилаҳгом, анормақәа еилагазар, уи азашшразы иашьашәалоу  аҧҟарақәа иҟоуп  
Алеқсандр Дарахвелиӡе  - Изакәызаалак арбаратә репрессиақәа мҩаҧаагом, апроцессуалтә нормақәа еилаҳгом, анормақәа еилагазар, уи азашшразы иашьашәалоу  аҧҟарақәа иҟоуп  

«Аусеилыргара мҩаҧысуеит аконкреттә хәҭақәа рыла. Исериозу ахәҭақәа роуп ҳазлацәажәо», — иҳәеит Қырҭтәыла аҩныҵҟатәиа усқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр  Дарахвелиӡе.

Дарахвелиӡе иҳәамҭала, хазхаҭалатәи анхарҭа аимдара – ауаҩы ихатә ҧсҭазаара аҽалагалара иџьбароу формоуп,  убри аҟынтә,  аӡбара ақәҵара аҭахуп.

«Ишиашо аефираҿ ишызбаз ала,  Апрокуратура хада аҳәамҭа инақәыршәаны,   аконкреттә хаҿқәа рхатә нхарҭақәа рҿы аимдара амҩаҧгаразы аӡбара ақәҵара иҟоуп. Иахәҭоу ашьаҭагьы иҟоуп,  избанзар,  аӡбаҩ абри аконкреттә ҭагылазаашьа иадҳәаланы иашьашәалоу ақәҵара идикылеит», — иҳәеит аминистр ихаҭыҧуаҩ.

Иара убас,  иара ишиҳәаз ала,  аусеилыргаратә усмҩаҧатәқәа рынагӡараан,  аҭыҧашҟа инаган шәарҭада аусмҩаҧгатә амҩаҧагаразы шаҟа аҭахыз азинхьчаҩцәа.

«Шаҟаҩы аполицаицәа нагатәу  — уи ҳаҩныҵҟатәи усуп. Ҳара ҳхала иҳаӡбоит аконкреттә усмҩаҧгатә ашҟа шаҟаҩы дәықәҵатәу.  Изакәызаалак арбаратә репрессиақәа мҩаҧаагом, апроцессуалтә нормақәа еилаҳгом, анормақәа еилагазар, уи азашшразы иашьашәалоу  аҧҟарақәа иҟоуп. Апроцессуалтә нормақәа еилагазма ҳәа шәсазҵаауазар, еилагамызт ҳәа сгәы иаанагоит. Еилагазар, уи азашшразы иашьашәалоу аҩарақәа иҟоуп», — иҳәеит  Алеқсандр Дарахвелиӡе.