Америка ацҳаражәҳәарҭа  - Атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит азакәан еилазгаз ауааҧсыра зегьы аҭакҧхықәра рықәҵаны, амчылара ишақәыӡбоҵәҟьа аадырҧшырц
Америка ацҳаражәҳәарҭа  - Атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит азакәан еилазгаз ауааҧсыра зегьы аҭакҧхықәра рықәҵаны, амчылара ишақәыӡбоҵәҟьа аадырҧшырц

Атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит азакәан еилазгаз ауааҧсыра зегьы аҭакҧхықәра рықәҵаны, амчылара ишақәыӡбоҵәҟьа аадырҧшырц, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла анапхгара Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рзинқәа рыхьчара ируалуп.

„Иахьа  „Ҭбилиси Праид“ алахәылацәа, иарку ақәыҧшылараҿы имҩаҧыргараны иҟаз ауснагӡатә аҧыхра рықәшәеит, избанзар напхгара змамыз гәыҧҩык ауааҧсыра дара амч ахархәарала ирықәмақаруан, ауснагӡатә алахәылацәа Аконституциала ихьчоу азин рымырхит.  Қырҭтәыла анапхгара атәыла ауааҧсыра зегьы рхадаратә зинқәа рыхьчара ируалуп.  Ҽакала ихәыцуа  ауаа рыршәареи  рықәмақарреи – адемократиеи,  азинеиҟарареи, аиныҷҳареи, аидгылареи, аплиурализми аганахьала Қырҭтәыла аҭоурых  иашьашәалам. Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит азакәан еилазгаз ауааҧсыра зегьы аҭакҧхықәра рықәҵаны, амчылара ишақәыӡбоҵәҟьа аадырҧшырц“, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.