Алексеи Резников - Қырҭтәылеи, Молдовеи, Еквадори аформат "Раммштаин" иалалеит,  НАТО Украина адгылара нанагӡоит
Алексеи Резников - Қырҭтәылеи, Молдовеи, Еквадори аформат "Раммштаин" иалалеит,  НАТО Украина адгылара нанагӡоит

Украина атәылахьчара аминистр Алеқсеи Резников асоциалтә аҳаҿы аформат   «Раммштаин» аҳаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧыларақәа рылҵшәақәа дрылацәажәеит.

Резников иҳәамҭала, украинатәи ар ацәгьара иаҿагыланы ахатә хархәага ҿыцқәа рхархәара иазыхиоуп.

«Рамштаин 3 лҵшәак: Қырҭтәылеи, Молдовеи, Еквадори аклуб иалалеит. Украина иаҳа ирацәаны абџьар аиуеит.  Аганқәа зегьы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит.  Украинатәи ар ацәгьара иаҿагыланы ахатә хархәага ҿыцқәа рхархәара иазыхиоуп.  Украина ахьыҧшымреи ахақәиҭреи азықәҧара нанагӡоит. Ҳпартниорцәа Украина иадгылоит. НАТО алахәылацәа зегьы зеиҧшҟамлац ала еидгылоуп. Украина аиааира агоит», — иҩит Резников.