Алексеи Резников – Адунеитә арратә индустриазы Украина еиҕьу аполигон иҟам
Алексеи Резников – Адунеитә арратә индустриазы Украина еиҕьу аполигон иҟам

Украина атәылахьчара аминистр Алеқсеи Резников   Financial Times аинтервиу аҿы ишиҳәаз ала, адунеитә арратә индустриазы Украина еиҕьу аполигон иҟам.

«Украина мраҭашәаратә адгылаҩцәа лабҿаба ирбар рылшоит дара рабџьар аус ишауа, уи амодернизациа аҭаху аҭахыму», — иҳәеит Украина атәылахьчара аминистр.

The Financial Times  ишану ала, урыстәылатәи аракетақәа рҟынтә аҽыхьчара  амзызла, Украина  аиуит америка-норвегиатәи аҳаирхьчаратә система Nasams-и, уажәааны Германтәыла иҭрыжьыз Iris-T-и. Иара ишазгәеиҭаз ала, НАТО еиуеиҧшым асистемақәа рҧышәара алшара иҟоуп.

«НАТО асистемақәа зегьы аус еицыруеит. Даргьы уи интересс ирымоуп, уи рдыруазароуп», — иҳәеит  Алексеи Резников.