Украина атәылахьчара аминистр - Берлин Урыстәыла агрессиа иадҳәаланы рпозициа рымҧсахыр, ГДР иҟаз апроблемақәа рызцәырҵуеит
«Берлин Урыстәыла агрессиа иадҳәаланы рпозициа рымҧсахыр, ГДР иҟаз апроблемақәа рызцәырҵуеит», — иҳәеит Украина атәылахьчара аминистр Алеқсеи Резников Украинатәи Рада адепутатцәа рҿаҧхьа данықәгылоз.
Резников иҳәамҭала, ГДР азы «аматериалтә база аҧҵоуп, уи «Аҩадатәи поток 2» мацара акәӡам, уаанӡа агазмҩангага «Опал» иҟан, урыстәылатәи аулафахәы зауа анемец чинҳаракҩцәа иҟоуп, авице-адмиралцәа иҟоуп, дара рҳәамҭақәа рыла ртәыла аинтересқәа ирҧырхагоуп».
Атәылахьчара аминистр ишиҳәаз ала, Путин Украина ампыҵахалара акәӡам хықәкыс имоу, иара Мраҭашәаратә Европаҿ инырра ирҕәҕәар иҭахуп.
«ГДР аиҭашьақәыргылара – Урыстәыла иқәнаргылаз аҳәарақәа иреиуп. Урыстәыла аофициалла аҳәара иқәнаргылеит 14 ҳәынҭқарра рҿы НАТО аимыхразы, аха, ишырбаз ала, уи ҟалашьа змам зҵаароуп. Алианс алахәылацәа иааҧҵәаны аҭак ҟарҵеит, уи даараӡа ибзиоуп. Аха, апрактикатә ахәҭагьы иҟазароуп, ҳаҧхьаҟа Берлинтәи аҭӡамц аиҭашьақәыргылара иалагода ҳәа азҵааразы аҭак аҟаҵара ҳақәымшәарц азыҳәан», — иҳәеит Украина атәылахьчара аминистр.