Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Украина атәылахьчара аминистр Алеқсеи Резников хара имгакәа аусура дамырхуеит
Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Украина атәылахьчара аминистр Алеқсеи Резников хара имгакәа аусура дамырхуеит

Украина атәылахьчара аминистр Алеқсеи Резников хара имгакәа аусура дамырхуеит. Ари аинформациа аланарҵәеит украинатәи аҭыжьымҭа  «Украинскаиа правда».  Telegram-каналаҿы ари атәы иҩит жәлартә депутат Иарослав Железниакгьы.

Аҭыжьымҭа адыррала, атәылахьчара аминистрс дҟарҵар ҟалап Аҳәынҭқарратә амал афонд анапхгаҩы Рустем Умеров.  Апарламент атәылахьчара аминистр иамхра азҵаара иахәаҧшуеит анеҩстәи амчыбжь азы.  Ахыҵхырҭақәа рдыррала,  Резников Британиа Ду  Украина ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵар ҟалап.