Акциа алахәылацәа  Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аҵакырадгьыл иалыргеит
Акциа алахәылацәа  Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аҵакырадгьыл иалыргеит

Урыстәылатәи авиареис атәара иадҳәаланы апротест  ҟазҵоз  акциа алахәылацәақәак  Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аҵакырадгьыл иалыргеит.

Уаанӡа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы азинхьчаҩцәа акциа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рахь ааҧхьара ҟарҵеит  азакәани азинеиҿкаареи иақәныҟәарц, азинхьчаҩцәа рҳәатәы харҵарц.