Акоронaвирус ҿыц aмшaлa иҭaхaз рхыҧхьaӡaрa 259-ҩык инaӡеит. Иахьатәи аамҭазы ачымазараҿк рыхьхьеит 11 700-ҩык, 1800-ҩык рыҧсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуп.
Китaитәи aекспертцәa рҳәaмҭaлa, aвирус aҳaиртәцәыкәбaртә мҩaлa иaсуеит.
Акоронавирусқәа – авирусқәа рҭаацәара ауп, урҭ усҟаҟ ихьанҭам ачымазара рхылҵыр ауеит, иаҳҳәап – абжьааҧнытә аҳьҭаллара, иара убас, иаҳа ихьанҭоу ачымазарақәагьы, урҭ рыбжьара – ихьанҭоу ареспиратортә синдромгьы. Акоронавирус ауаҩы иҟынтә ауаҩы иахь иасыр алшоит, бжеиҳарала – аинфекциа злоу ауаҩы иеиҿцаара ашьҭахь.
Аинфекциа аларҵәара аҽацәыхьчаразы абжьагарақәа:
Ареспиратортә инфекциа змоу ауаҩы иааигәара амнеира; лассы-лассы анапыӡәӡәара; (ҷыдала, ичмазаҩу ауаҩы иҟны аимадара иҟазар, мамзаргьы ачымазара асимптомқәа змоу апациент дахьыҟаз алагылазаараҿы аҟазаара аан); Ҧстәқәак ма/иара убас афермақәа рҟны аимадара аҟынтә аҽынкылара; Ареспиратортә инфекциа змоу ауаа рыла аимҳәара аетикет ахьчара.
Акоронавирус аарҧшуп Испаниаҿгьы.