Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 447 Қарҭ иаарҧшын, 143 – Имереҭи, 99 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 447 Қарҭ иаарҧшын, 143 – Имереҭи, 99 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 447 Қарҭ иаарҧшын, 143 – Имереҭи, 99 –  Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 21 614 атестқәа: 19 284 – антиген азы, PCR – 2 330.

Аҵоура арбага: ҽнактәи – 4,87%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 7,19%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 4,78%.

Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан  1 643 295-ҩык, урҭ рҟынтә 1 601 578-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 16 678-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2 844 372-ҩык, ҽнакала алаҵа рзыҟаҵоуп 1661-ҩык.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз   1 053 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 447 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 34, Имереҭи  –  143, Қвемо Қарҭли  –  37,  Шида Қарҭли – 65, Гуриа  – 84, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  –  99, Кахеҭи – 76,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  – 28, Самцхе-Џьавахеҭи  – 12, Раҷа-Лечхәыми-Ҵаҟатәи Шәантәыла – 27.