Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 1 663 Қарҭ иаарҧшын, 871- Имереҭи, 577 - Кахеҭи
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 1 663 Қарҭ иаарҧшын, 871- Имереҭи, 577 - Кахеҭи

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 1 663 Қарҭ иаарҧшын, 871 – Имереҭи,  577 – Кахеҭи. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 55 815  атестқәа: 31 603 – антиген азы, PCR – 24 212.

Аҵоура арбага: ҽнактәи – 8,26%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 8,96%, иҳаҩсыз 7 мштәи –  8,82%.

Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 715 865 –ҩык, урҭ рҟынтә 655 129-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 10 003 -ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп  1 974 521-ҩык, ҽнакала –   4 151-ҩык.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 4 610 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 1 663 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара –   154, Имереҭи  –  871, Қвемо Қарҭли  —  324, Шида Қарҭли   – 324, Гуриа  — 118, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  —  316, Кахеҭи –  577,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  –  83, Самцхе-Џьавахеҭи  — 133,  Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  – 47.