Акоронавирус афакт амшала,  Қарҭ  14 ахәыҷбаҳчақәа  аркуп
Акоронавирус афакт амшала,  Қарҭ  14 ахәыҷбаҳчақәа  аркуп

 

Акоронавирус афакт амшала,  Қарҭ  14 ахәыҷбаҳчақәа  аамҭала аркуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қарҭ  Ахәыҷбаҳчақәа рхылаҧшразы агентра.

«Аепидҭагылазаашьа цәгьа иадҳәаланы,  ҩышықәса рыҩнуҵҟа  Қарҭ ахәыҷбаҳчақәа аус руеит Агәабзиарахьчара аминистрра ала ишьақәыргылоу арегулиациақәа инрықәыршәаны.  Апҟарақәа зегьы инарҭбааны иарбоуп. Ҵыҧх,  Ахәыҷбаҳчақәа рхылаҧшразы агентра  абарҭ арегулиациақәа рықәныҟәаразы иакымкәа апроектқәа нанагӡеит.  Арегулиациақәа инрықәыршәаны,  ахәыҷбаҳчаҿы акоронавирус фактк адымхаргьы иаарҧшызар,  авирус ҿызкааз ауаҩҧсы иҟны аимадара змаз ауаа зегьы аҽыҧхьакрашҟа ицоит. Абри амзыз амшала,  Қарҭ  ҩ-хәыҷбаҳчак аркуп», — иануп аҳәамҭаҿы.

Қырҭтәыла зехьынџьара ахәыҷбаҳчақәа аусура еиҭалагеит жьҭаара 4 рзы.