Қарҭ ахәыҷбаҳчақәа рҿы арегистрациа апроцесс аиҭакрақәа алагалоуп
Қарҭ ахәыҷбаҳчақәа рҿы арегистрациа апроцесс аиҭакрақәа алагалоуп

«2023-2024  аҵаратә ашықәс азы қарҭтәи ахәыҷбаҳчақәа рҿы арегистрациа апроцессаан  даҽа гәыҧк аҧыжара аиуеит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе амуниципалитет иахьатәи аилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, ахәыҷбаҳчақәа рҿы арегиострациа мҩаҧгахоит 3 етапк рыла.

«Арегистрациаан асоциалтә гәыҧқәа аҧыжәара рымазаауеит. Арҭ агәыҧқәа ирыцлоит амуниципалтә ахәыҷбаҳчақәа русзуҩцәа рхылҵгьы, избанзар, егьырҭ ауааҧсыра реиҧшҵәҟьа, даргьы рыҧхықәрақәа нарыгӡарцаз аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәатәуп», — иҳәеит  Каха Калаӡе.

Қарҭ ахада ишиҳәаз ала, уажәраанӡа актәи аетапаз арегистрациа иахысуан аҧыжәара змоу асоциалтә гәыҧқәа, анеҩс, азеиҧш регистрациа мҩаҧысуан.

«Актәи аетапаз арегистрациа иахысуеит аҧыжәара змоу асоциалтә гәыҧқәа,  аҩбатәи аетап азы арегистрациа иахысуеит Қарҭ амуниципалитет иқәынхо ахәыҷқәа,  ахҧатәи аетап азы азеиҧш регистрациа мҩаҧысуеит. Ҳара абарҭ аиҭакрақәа рыдкыларазы Сакребуло ҳадҵаалоит, анеҩс, ҧхынгәы азы арегистрациа иалагоит», — иҳәеит Каха Калаӡе.

Иара иажәақәа рыла, ақалақь ахадара ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу ахәыҷбаҳчақәа рыргылара нарыгӡоит.