Ажьырныҳәа инаркны,  Қарҭ аҳәынҭқарратә ахәыҷбаҳчақәа  11 188ҩык русзуҩцәа рџьаусҧса 15 наӡына  ацлоит
Ажьырныҳәа инаркны,  Қарҭ аҳәынҭқарратә ахәыҷбаҳчақәа  11 188ҩык русзуҩцәа рџьаусҧса 15 наӡына  ацлоит

Аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы Қарҭ ахада Каха Калаӡе  амуниципалитетаҿ аус зуа ауааҧсыра рџьаусҧса ацҵара далацәажәеит.

„Ишыжәдыруа еиҧш, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала,  аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа есышықәса рџьаусҧса ацлоит,  ҳәарада,  амуниципалитет аусзуҩцәагьы аџьаусҧса рзацаҳҵоит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.

Иара убас, Каха Калаӡе ишазгәеиҭаз ала, Қарҭ аиҳабыра аӡбара рыдыркылеит ахәыҷбаҳчақәа русзуҩцәа аџьаусҧса рзацҵара иазкны.

„Иара убас, ишәсырдырыр сҭахуп амуниципалитет аиҳабыра рыӡбарала,  Қарҭ аҳәынҭқарратә ахәыҷбаҳчақәа  11 188ҩык русзуҩцәа рџьаусҧса 15 наӡына  ишацло. Арҭ ауаа аҭакҧхықәра ду зцу, зҵакы дуу аус нарыгӡоит, аха, рџьаусҧса даараӡа имаҷуп. Убри аҟынтә, дара 15 наӡына рзацаҳҵоит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.