Каха Калаӡе  - Ажәанҵа мариан, ақырҭуаа - бзиақәоуп,  аха, рнапхгара ҽеим ҳәа рҳәеит,  аха,  ақырҭуаа ҟәышцәоуп,  аилаҩынтәра аиҿкаара анрылымша астатус ҳарҭар акәхеит  
Каха Калаӡе  - Ажәанҵа мариан, ақырҭуаа - бзиақәоуп,  аха, рнапхгара ҽеим ҳәа рҳәеит,  аха,  ақырҭуаа ҟәышцәоуп,  аилаҩынтәра аиҿкаара анрылымша астатус ҳарҭар акәхеит  

«Ажәанҵа мариан, ақырҭуаа – бзиақәоуп, аха, рнапхгара ҽеим ҳәа рҳәеит, аха,  ақырҭуаа ҟәышцәоуп,  аилаҩынтәра аиҿкаара анрылымша астатус ҳарҭар акәхеит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха  Калаӡе.

Иара иажәақәа рыла, атәыла ақәҿиарақәа зегьы  «Ақырҭуа гәахәтәы» иабзоуроуп.

«Ареформақәа инагӡоит.  Атәыла акандидат астатус аиуит, аха, ҳара уи аҿы ҳаангылом. Жә-пункт рыла ишьақәгылоу аплан етапла анагӡара ҳаҽуп. Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ ақәҿиара аиурц азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Қырҭтәыла уаанӡагьы, апараметрқәа зегьы рыла,  акандидат астатус ахәҭан.  Ҳара егьырҭ атәылақәа раҧхьа ҳгылан. Аха, усҟан аполитикатә аӡбара рыдыркылеит, уи азыҳәан амзыз рыман. Атәылаҿ агәамҵреи аилаҩынтәреи ҟалар рҭахын, ҳуааҧсыра атәыла анапхгара ирҿадыргылар акәын ирҭахыз.  Ажәанҵа мариан, ақырҭуаа – шәара шәыбзиоуп, Европа  алалара шәыхәҭоуп, аха шәнапхгара ҽеим.  Абри аҩыза ахәымгара ҟарҵар рҭахын, аха, ақырҭуаа ҟәышцәоуп. Ирҭахыз анырзыҟамҵа, атәыла астатус аҭара рықәшәеит. Атәыла ахадеи егьырҭ аполитикцәақәаки атәыла астатус ахәҭам ҳәа ишырҳәозгьы, евроинтеграциа апроцессаҿ иаҭахыз зегьы ҟаҳҵеит. Ҳара ҳақәҿиарақәа зегьы  «Ақырҭуа гәахәтәы» иабзоуроуп», — иҳәеит  Калаӡе.