Акультуратә ҭынха ахьчаратә аҭыԥаҿ ма амуниципалитет иатәу адгьыл аҟны зинда    аргыларазы ирџьбароу асанкциақәа амч роуеит ажьырныҳәа 11 инаркны
Акультуратә ҭынха ахьчаратә аҭыԥаҿ ма амуниципалитет иатәу адгьыл аҟны зинда аргыларазы ирџьбароу асанкциақәа амч роуеит ажьырныҳәа 11 инаркны

Акультуратә ҭынха ахьчаратә зонаҿ азинда ма зинла иазҧхьагәаҭоу аҭагылазаашьақәа реилагарала аргыларазы асанкциақәа иаҳа иџьбарахоит – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Қарҭ амунипалитет аиҳабыра реилатәараҿы Калаӡе ишиҳәаз ала,  абри аҩыза аилагарақәа рзы ахараҧса ацырҵеит  2018 шықәсазы,  аха,  арҭ асанкциақәа алҵшәа рхылымҵит.

„Азинда аргылара азҵаара сазааҭгылар сҭахуп, избанзар, абри аҩыза афакт цыҧхьаӡа  Қарҭ ҧырхага азаанагоит, ари ақалақь иқәынхо ауааҧсыра рзинқәа еиланагоит.  Ари апроблема аҭыҧқәҵаразы  2018 шықәсазы ахараҧса ацаҳҵеит, егьырҭ асанкциақәагьы шьақәҳаргылеит,  аха,  уи алҵшәа ахылымҵит“, – иҳәеит Қарҭ ахада.

Иара иажәақәа рыла,  сынтәа ажьырныҳәа 11 инаркны азакәан ҿыц амч аиуеит.

„Ҳара еиқәҳаршәаз азакәан ҿыц амч аиуеит ажьырныҳәа 11 инаркны. Апарламент алахәылацәа зегьы ари азакәан иахьадгылаз азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп“, –  иҳәеит Каха Калаӡе.

Иара иажәақәа рыла,  азакәан ҿыц инақәыршәаны:

  • акультуратә ҭынха ахьчаратә зонаҿ аҳәынҭқарра ма амуниципалитет иатәу иеиҭамҵуа амал аҿы азинда аргыларазы  250 000 лари ахараҧса иазҧхьагәаҭоуп ( 25 000 лари ацынхәрас);
  • акультуратә ҭынха ахьчаратә зонаҿ хазхаҭалатәи иеиҭамҵуа амалаҿ III ма IV акласс иаҵанакәа ахыбра-ргыламҭа аргыларазы иазҧхьагәаҭоуп 200 000 лари ахараҧса  ( 20 000 лари ацынхәрас);
  • иара убас ахараҧсақәа азҳауеит I-и II-и акласс иаҵанакәа ахыбра-аргыламҭақәа рыргыларазы;
  • акультуратә ҭынха ахьчаратә зонаҿ азинла иазҧхьагәаҭоу аҭагылазаашьақәа реилагарала аргыларазы: III акласс иаҵанакәа ахыбразы  30 000 лари ахараҧса  (10 000 лари ацынхәрас), IV акласс ахыбразы  75 000 лари ахараҧса  (15 000 лари ацынхәрас);
  • акультуратә ҭынха ахьчаратә зонақәа рҿы иҟоуп акультуратә ҭынха иаҵанакәа иеиҭамҵуа абаҟақәа рацәа. Ишиашо абаҟаҿы азинда аргыларазы ахараҧсақәа иаҳа идухоит. Абаҟаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгаразы иазҧхьагәаҭоуп 250 000 лари ахараҧса;  азин аҭагылазаашьақәа реилагаразы иазҧхьагәаҭоуп 150 000 лари ахараҧса; аконсервациа аҭагылазаашьақәа реилагаразы  200 000 лари.