Каха Калаӡе - Иракли Кобахиӡе зегьы реиҳа ибзианы идыруеит аиҳабыра ирызкны идикылаша аӡбара
Каха Калаӡе - Иракли Кобахиӡе зегьы реиҳа ибзианы идыруеит аиҳабыра ирызкны идикылаша аӡбара

«Аҧыза-министр ихаҭа акадртә ҧсахрақәа дрылацәажәеит, иара инарҭбааны аилыркаарақәа ҟаиҵеит, сара уаҳа акгьы сызшәаҳәом», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аиҳабыраҿ иҟалар зылшо акадртә ҧсахрақәа ирызкны ианиазҵаа.

«Ираклий Кобахиӡе — аиҳабыра рнапахгаҩы иоуп, иара иоуп иҟаҵатәу шыҟаҵатәу зыӡбо.  Аминистрцәа зегьы аусура нарыгӡоит ҳәа сгәы иаанагоит. Иракли Кобахиӡе ари аӡбара инарҭбааны дахцәажәеит, убри аҟынтә, уаҳа азҵаарақәа иҟам. Еиҭасҳәар сҭахуп,  Иракли Кобахиӡе зегьы реиҳа ибзианы идыруеит аиҳабыра ирыдҳәаланы аӡбарас идикылаша», — иҳәеит  Каха Каладзе.