Атәыла зехьынџьара  885 ахәыҷбаҳчақәа рыргыларатәи рырҽеиратәи усурақәа мҩаҧгахоит
Атәыла зехьынџьара 885 ахәыҷбаҳчақәа рыргыларатәи рырҽеиратәи усурақәа мҩаҧгахоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр иҧшьгарала, апрограмма ҿыц иалагоит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп атәыла зехьынџьара 885 ахәыҷбаҳчақәа рыргылареи рырҽеиреи, лымкаала:  330ахәыҷбаҳчаҿыцқәа дыргылоит,  555 ахәыҷбаҳчақәа аханатә идырҽеиуеит.  

Ари азҵаара иахәаҧшит Иракли Ҕарибашвили инапхгарала иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы. Ахәыҷбаҳчақәа рыргылареи рырҽеиреи апрограмма етапқәак рыла имҩаҧгахоит, аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә ари апрограмма иазоушьҭуп 1.3 миллиардлари. Актәи аетап аусурақәа рзы иаҭаху  100 миллион лари  2023 шықәсатәи абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп. 

Аргыларатәи арҽеиратәи усурақәа мҩаҧнагоит Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфораструктуреи рзы аминистрра иаҵанакәа Амуниципалатә аҿиара афонд,