Аҧыза-министр Аџьар ҟаҧшьи Амзабжа ҟаҧшьи ауаажәларра жәларбжьаратәи федерациа амаӡаныҟәгаҩ хада диҧылеит
Аҧыза-министр Аџьар ҟаҧшьи Амзабжа ҟаҧшьи ауаажәларра жәларбжьаратәи федерациа амаӡаныҟәгаҩ хада диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аџьар ҟаҧшьи Амзабжа ҟаҧшьи ауаажәларра жәларбжьаратәи федерациа амаӡаныҟәгаҩ хада Џьаган Чапагаин диҧылеит.
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәыла аиҳабыреи Аџьар ҟаҧшьи Амзабжа ҟаҧшьи ауаажәларреи қәҿиарала русеицура иалацәажәеит.
Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Аџьар ҟаҧшьи Амзабжа ҟаҧшьи ауаажәларра аӡбара ҿыц иадгылоит, аӡбара инақәыршәаны,  Қырҭтәыла, лымкаала, Русҭави ақалақь аҿы арегионалтә ҵакы змоу алогистикатә центр аҧырҵоит, уаҟа еиҿыркаауеит ашьҭаҵарҭатә системеи атренингқәа рцентри.
Аиҳабыра рнапхгаҩы амаӡаныҟәгаҩ хада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаара COVID-19 иахылҵыз алҵшәақәа раҧыхраҿы атәыла иахьацхрааз азыҳәан. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, ҳаҧхьаҟа аусеицура иаҳа арҕәҕәара иазыхиоуп.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Қырҭтәыла имыпҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи ашәарҭадареи агуманитартә зҵаарақәеи ирыдҳәаланы иҟоу апроблемақәеи. Иаҵшьны иазгәаҭан жәларбжьаратәи ашәарҭадаратә механизмқәа рҵаки аҭыҧаҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара ахымҧадареи. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара аполитика мҩаҧыргоит. Абри аконтекст аҿы иалкаан „Адеокупациеи аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵареи иазку аҳәынҭқарратә стратегиеи” аҭынчратә инициатива – „Еиҕьу аҧеиҧш азы ашьаҿеи“, уи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра рсоциал-економикатә ҭагылазаашьақәа реиҕьтәреи аимак амшала еицәыхарахаз ажәларқәа рыбжьара агәреибагара аиҭашьақәыргылареи иазкуп.

Аиҧылара лхы алалырхәит Қырҭтәыла Аџьар ҟаҧшь ахада Наҭиа Лолаӡе.