Апарламент Қырҭтәыла аҧыза-министр иҭыҧ аҿы Иракли Кобахиӡе аиҳабыра аилазаара ҿыци агәрагара рзаанарҧшит
Апарламент Қырҭтәыла аҧыза-министр иҭыҧ аҿы Иракли Кобахиӡе аиҳабыра аилазаара ҿыци агәрагара рзаанарҧшит

Қырҭтәыла апарламент Қырҭтәыла аҧыза-министр иҭыҧ аҿы Иракли Кобахиӡе аиҳабыра аилазаара ҿыци агәрагара рзаанарҧшит.

Азакәанҧҵаратә орган, 84 быжьқәа рыла, иаҿагылеит 10-ҩык, Иракли Кобахиӡе иеиҳабыреи, аиҳабыратә программа ҿыци иадгылеит. Арегистрациа иахысит 105-ҩык адепутатцәа.

Аиҳабыра реилазаара ҿыц аҿы Атәылахьчара аминистр мацара дрыҧсахит. Атәылахьчара аминистрс Џьуаншер Бурҷулаӡе ицынхәрас Иракли Чиқовани дҟаҵоуп.

Егьырҭ  аминистрцәа рҭыҧқәа рҿы иаанхеит. Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Илиа Дарчиашвили, аиустициа аминистр – Рати Брегаӡе, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иҭыҧ ааникылеит Вахтанг Гомелаури, Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрс дҟалеит Леван Давиҭашвили. Афинансқәа рминистрра дахагылеит Лаша Хуцишвили. Аҵареи, аҵарадырреи, аҿари рминистрс дҟаҵоуп Гьаргь Амилахвари, Қырҭтәылa акультуреи аспорти рминистрс  – Ҭеа Ҵулукиани, Аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи азы аминистр иҭыҧ ааникылеит Оаҭар Шьамугиа, Арегионaлтә ҿиaреи aинфрaструқтуреи рминистр иҭыԥ – Иракли Қарселаӡе, Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр – Ҭеа Ахвледиани, Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистрс даанхеит Зураб Азарашвили.