Апарламент аҧыза-министр ҿыц агәрагара изаанарҧшуеит ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала
Апарламент аҧыза-министр ҿыц агәрагара изаанарҧшуеит ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала

Аконституциа  56-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны,  аҧыза-министр инапынҵақәа шьҭеиҵар,  изинмчқәа аанкылахоит. Аха,  аиҳабыра рыҧхықәрақәа нарыгӡоит аҧыза-министр ҿыц дықәдыргылаанӡа.

Апарламент аҧыза-министр ҿыц агәрагара изаанарҧшуеит ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала. Аиҳабыра рнапхгаҩы иҭыҧ азы акандидат дықәдыргылоит апарламенттә алхрақәа раан зегьы иреиҕьу алҵшәа зауз аполитикатә партиа ахаҭарнакцәа.

Аиҳабыра реилазаара ҿыц инаваргыланы, апарламент аҿы аиҳабыратә программагьы цәырыргоит. Агәрагара аиуразы аиҳабыра ҿыц апарламент алахәылацәа реиҳара рбыжьқәа роуроуп.