Апарламент, ахҧатәи аҧхьарала,  «Анаркотикатә хархәагақәеи, аҧсихотроптә маҭәашьарқәеи, апрекурсорқәеи, анаркологиатә цхыраареи иразку» аакәанахь аҧсахрақәа аднакылеит
Апарламент, ахҧатәи аҧхьарала,  «Анаркотикатә хархәагақәеи, аҧсихотроптә маҭәашьарқәеи, апрекурсорқәеи, анаркологиатә цхыраареи иразку» аакәанахь аҧсахрақәа аднакылеит

Апленартә аилатәараҿы, Қырҭтәыла апарламент, ахҧатәи аҧхьарала,   «Анаркотикатә хархәагақәеи, аҧсихотроптә маҭәашьарқәеи, апрекурсорқәеи, анаркологиатә цхыраареи иразку» азакәанахь аҧсахрақәа аднакылеит.

Аилатәараҿы ари азҵаара цәыригеит агәабзиарахьчареи асоциалтә зҵарақәеи рзы акомитет ахантәаҩы Заза Ломинаӡе.

Аҧсахрақәа инрықәыршәаны,  анаркотикатә хархәагақәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи  римпорти рыҭиреи,  иара убас,  опиоидтә аҧсахратә терапиа амҩаҧгареи азы азинмчы змоу органс иҳәаақәҵоуп аҳәынҭқарратә усбара мацара.