АИХқәа рдыррақәа рыла, америкатә чынуаа Урыстәыла заанаҵы адырра арҭеит Џьо Баиден Украинаҟа ивизит иазкны
АИХқәа рдыррақәа рыла, америкатә чынуаа Урыстәыла заанаҵы адырра арҭеит Џьо Баиден Украинаҟа ивизит иазкны

Атәылақәа рыбжьара ишиашо аимак зхылҵыр зылшо аексцессқәа ҟамларцаз, америкатә чынуаа Урыстәыла заанаҵы адырра арҭеит  Америка ахада Џьо Баиден Украинаҟа ивизит иазкны.

Аҩны шкәакәаҿ ишырҳәаз ала,  «аимак аҽацәыхьчара амзызла, Урысәылаҟны абазатә аимадара мҩаҧган». Баиден Украина дахьынӡаҟаз, америкатә ацклаҧшратә ҳаирпланқәа, аҳаиартә радар  E-3 Sentry-и аелектронтә ҳаирплан   RC-135W Rivet Joint нрылаҵаны, Киев аҳаиртә қәыҧшылара иацклаҧшуан Польша аҵакырадгьылтә аҟынтә.

АИХқәа рдыррақәа рыла, Баиден  Польшантә Киев даҭааит адәыҕбала.