Аихқәа ишаарыцҳаз, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Газа асектор аҿы иҭахеит жәҩык израильтәи аруаа
Аихқәа ишаарыцҳаз, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Газа асектор аҿы иҭахеит жәҩык израильтәи аруаа

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Газа асектор аҿы иҭахеит жәҩык израильтәи аруаа. Ажьырныҳәа 8 рзы араԥтәи анклав аҿы аидыслараан иҭахеит ԥшьҩык аруаа, иахьа – иҵегьы хәҩык.

Иҭахаз аруаа реиҳараҩык арратә инџьнырцәан, урҭ Буреиџьи иҟоу ахҵәацәарлагер аҿы аҭыԥ змаз аԥжәараан иҭахеит.

Израиль Атәылахьчара аминистрра аинформациала, жьҭаара 7 рышьҭахь “Ҳамас” аҟны аидыслараан иҭахеит 185-ҩык израильтәи аруаа.