АИХ ишаарыцҳаз ала, импыҵахалоу Аҧсны даҽа 13-ҩык акоронавирус рыдбалан, аӡәы иԥсҭазаара далҵит
АИХ ишаарыцҳаз ала, импыҵахалоу Аҧсны даҽа 13-ҩык акоронавирус рыдбалан, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Аих ишаарыцҳаз ала, импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус азы иҟаҵан  232  атестқәа, 13-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵит 1960 шықәсазы ииз апациент.

Аҧсны иҟоу аковид-центрқәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит  71-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 8-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аҧсны акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  13 398-ҩык, урҭ рҟынтә  12 860-ҩык ачымазара иалҵхьеит,  213-ҩык апациентцәа иҧсит.