АИХ – Азербаиџьани Шәамахьтәылеи ашәарҭадаратә маҵзурақәеи аҳәаатә маҵзурақәеи рнапхгаҩцәа рыбжьара анеҩстәи аиҧылара мҩаҧысит

Азербаиџьани Шәамахьтәылеи ашәарҭадаратә маҵзурақәеи аҳәаатә маҵзурақәеи рнапхгаҩцәа реиҧылараҿы аҳәынҭқарратә аҳәааҿы иҟалаз аинцидентқәа рзы аусеицура аицмҩаҧгара азҵаара иалацәажәеит.

Ари аинформациа аладырҵәеит азербаиџьантәи АИХ.

Аинформациа инақәыршәаны, ахадаратә ҵакы змаз азҵаарақәа иреиун  аибашьра азонаҿ аҧсыбаҩқәа анышә иахьамадоу аҭыҧқәа раарҧшреи атҟәацәа реиҭныҧсахлареи, хабарда изыӡ ауааҧсыра рыҧшаареи иазкыз азҵаарақәа.

Иара убас, аиҿцәажәарақәа раан ишазгәаҭаз ала, амца аанкылара иазкны 2020 шықәса абҵара 10 рзы аганқәа ирыдыркылаз 3ганктәи аҳәамҭа анагӡара аҩ-жәларык ринтересқәа ирылоуп, урҭ рыгәҭа – Ашьхатә Ҟарабах иқәынхо ашәамахьцәагьы азербаиџьанцәагьы.