Аиҳабыра рнапхгаҩы Европарламент аделегациа алахәылацәа дырҧылеит 
Аиҳабыра рнапхгаҩы Европарламент аделегациа алахәылацәа дырҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европарламент аҿы иҟоу адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет (AFET) аделегациа алахәылацәа дырҧылеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы, зны, Европарламент алахәыла Девид Макалистер иҟны ишиашо аиҧылара мҩаҧигеит, анеҩс, аиҿцәажәарақәа инагӡан ирҭбаау аформатаҿы.

Аҧыза-министр европатәи адепутатцәа Қырҭтәыла рвизит дшазыразу азгәаҭаны, Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесс аан ари авизит аҵакы ду шамоу иҳәеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш анашьара иазкны рашәара 23 рзы Европатәи ахеилак иаднакылаз аҭоурыхтә аӡбара. Ишазгәаҭаз ала, ари аӡбара, Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны ҩажәеижәаба шықәса рыҩныҵҟала атәылаҿ иҟаз ақәҿиарақәа зегьы рызхаҵароуп иаанаго.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Молдовеи Украинеи инарываргыланы Қырҭтәыла акандидат астатус ахьарымҭаз игәы иалоуп, аха, атәыла аиҳабыра, рашәара 23 рзы Европатәи ахеилак иаднакылаз аӡбарала иазҧхьагәаҭоу 12 абжьагарақәа рынагӡаразы аусура иалагахьеит. Иара иҳәамҭала, Еврокомиссиала иҳәаақәҵоу аҧыжәарақәа рынагӡаразы аҵакы ду амоуп аинклиузивтә процесси  ари аус иазҿлымҳау аганқәа зегьы рылахәызаареи.  Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала,  уи зегьы ирзеиҧшу ҭакҧхықәроуп, атәыла аҩныҵҟа аганқәа зегьы ари аҭакҧхықәра еиҩыршароуп.

Аиҧылараҿы ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла инанагӡоит Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи  (AA) Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭреи (DCFTA), иара убас,  2021-2027 шықәсазтәи ассоциациа аусхәаҧштә ҿыци рыла иҳәаақәҵоу аҧхықәрақәа рынагӡара.

Хшыҩзышьҭра азун импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәеи агуманитартә проблемақәеи аганахьаала иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа. Ишазгәаҭаз ала, Европарламент Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала иадгылоит. Аделегациа алахәылацәа ишырҳәаз ала, Евроеидгыла, аформатқәа зегьы рҿы ари азҵаара иқәнаргылоит. Иара убас, аҧыза-министр, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа хырҳагарыла рхархәара аҵакы дазааҭгылеит.  Аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара шырҭаху.

Аиҧылара алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, Қырҭтәыла Евроеидгылазы узықәгәыҕша партниорс иаанхоит, уажәазы имҩаҧысуа аоперациақәа рҿы аконтрибутор дууп.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Украина имҩаҧысуа аибашьреи, арегион аҿы аҭагылазаашьеит.

Иара убас, хшыҩзышьҭра рызун Амшын еиқәа ашәарҭаадара иадҳәалоу азҵарақәагьы.