Аибашьра иалагеижьеи ҩышықәса ҵра инамаданы, Украина адгылара аарԥшразы, Канадеи, Бельгиеи,Италиеи рԥыза-министрцәа Италиа иаҭааит
Аибашьра иалагеижьеи ҩышықәса ҵра инамаданы, Украина адгылара аарԥшразы, Канадеи, Бельгиеи,Италиеи рԥыза-министрцәа Италиа иаҭааит

Аибашьра иалагеижьеи ҩышықәса ҵра инамаданы, Украина адгылара аарԥшразы, Канадеи, Бельгиеи,Италиеи рԥыза-министрцәа Италиа иаҭааит.

Аихқәа ишаарыцҳаз, Џьастин Триудои, Александр де Кроои, Џьорџьиа Мелонии мраҭашәаратәи аҳәаахь адәыӷбала инеит.

“Урыстәыла Украина ақәлеижьҭеи ҩышықәса ҵит, Канада украинатәи жәлар ирыдгылоит. Ари адгылара аарԥшразы Киве саҭааит,” – иҩит Канада аԥыза-министр Џьастин Триудо асоциалтә каҭаҿы.

Италиа аиҳабыра рпрессмаҵзура аинформациала, иахьа Италиа аԥыза-министр Џьорџьиа Мелони “G7” алидерцәа рҟны авидеконференциа амҩаԥгара лгәы иҭоуп.

Иара убас, иахьа,Киев даҭааит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен.