Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәыла ала Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара уажәгьы ақырҭуа ҳәынҭқарраразы крызҵазкәа шәарҭарас иаанхоит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәыла ала Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара уажәгьы ақырҭуа ҳәынҭқарраразы крызҵазкәа шәарҭарас иаанхоит

«2021 шықәсазы ишәарҭоу атенденциа цәырҵит, Аҧсны де-факто  анапхгара ахаҭарнакцәақәак импыҵахалоу арегион аҿы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русура аҧкра рҽазыркит.  Дара импыҵахалоу арегион аҟәыҭхареи аҭыҧаҿы аннексиатә процессқәа рырмариареи ауп хықәкыс ирымоу», — иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳасабырбаҿы,  адокумент апарламент адыргалахьеит.

Адокумент ишану ала,  Урыстәыла ала Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара уажәгьы ақырҭуа ҳәынҭқарраразы крызҵазкәа шәарҭарас иаанхоит.

«2021 шықәсазы  импыҵахалоу арегион аҿы ихьанҭоу абџьари арратә контингенти иаанханы иҟан, арратә азыҟаҵарақәеи амилитаризациа апроцесси  интенсивла имҩаҧысуан.  2021 шықәсазы ишәарҭоу атенденциа цәырҵит, Аҧсны де-факто  анапхгара ахаҭарнакцәақәак импыҵахалоу арегион аҿы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русура аҧкра рҽазыркит.  Дара импыҵахалоу арегион аҟәыҭхареи аҭыҧаҿы аннексиатә процессқәа рырмариареи ауп хықәкыс ирымоу.    2021 шықәсазы, акоронавирус апандемиа аан,  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ақырҭуаа рҭагылазаашьа еицәахеит,  ауаҩытәыҩса ихадаратә зинқәа иҧкын», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳасабырбаҿы.

Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала,  Қырҭтәыла арегионқәа рҿы закәандарала игылоу  урыстәылатәи арратә контингенти амаҵзура ҷыдақәеи  роуранагӡара Қырҭтәылеи арегиони ршәарҭадара иаҧырхаган.

Аҳәынҭқарратә шәарҭдара амаҵзура аҳасабырба инақәыршәаны,  импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аннексиа азҵаара  2021 шықәсазы крызҵазкәа шәарҭарас иҟан,  избанзар,  импыҵахалоу арегион де-факто арежим иаартны аарыцҳауан Урыстәылатәи афедерациа адлара шырҭаху.

Аннексиа аполитика инақәыршәаны,  Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа Урыстәыла афедералтә биуџьет даараӡа иахьыҧшуп. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла,  Импыҵахалоу Аҧсны абиуџьет  50%  (69 472 492 адоллар) ,  иара убас,  Цхинвалтәи арегион абиуџьет   83%  (84 898 637 адоллар)  Урыстәылантә ироуеит», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳасабырбаҿы.