Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, урыстәыла-украинатәи еибашьра амшала азарал роуит  18 миллионҩык
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, урыстәыла-украинатәи еибашьра амшала азарал роуит  18 миллионҩык

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара европатәи аофис адыррақәа рыла, урыстәыла-украинатәи еибашьра амшала азарал роуит  18 миллионҩык, урҭ рҟынтә 6,7 миллионҩык мчыла ииагоу роуп, 3 миллионҩык атәыла иқәҵит.

Иара убас,   Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ишаанацҳаз ала,  аибашьра амшала атәылашҟа афатәаалыҵ рызнаргом,  ахәшәқәа рҭаҵәах анҵәара иаҿуп,  ахәшәтәырҭақәа рҿы ачымазаҩцәеи ахәрақәа зауз аибашьцәеи ацхыраара рыҭара уадаҩхеит.

Европатәи арегионалтә биуро адыррақәа рыла, 2022 шықәса жәабран 24 инаркны хәажәкыа 11-нӡа 31 агәабзиарахьчаратә усбарҭақәа  иржәылеит, 12ҩык ҭахеит, 34ҩык ахәрақәа роуит.

Аҳәамҭа ишану ала, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара амедицинатә усбарҭақәа ржәылара иақәыӡбоит, абри аҩыза ауранагӡара жәларбжьаратәи агуманитартә зини ауаҩытәыҩса изини еиланагоит.