Адунеи алидерцәа Борис Џьонсон ачымазара алҵра изеиҕьаршьеит
Адунеи алидерцәа Борис Џьонсон ачымазара алҵра изеиҕьаршьеит

Адунеи алидерцәа Британиа Аҧыза-министр Борис Џьонсон  ачымазара алҵра изеиҕьаршьеит. Аҳәамҭақәа ҟарҵеит Германтәыла аканцлери, Италиеи, Иапониеи, Австралиеи, Израили Рҧыза-министрцәеи.

Борис Џьонсон абзиахара изеиҕьеишьеит Бреқсит азҵаарақәа рзы евроеидгыла ахаҭарнак Мишель Барниегьы, иара ихаҭагьы акоронавирус имоуп.

Борис Џьонсон агәабзиара изеиҕьаршьеит иполитикатә аҿагылаҩ, Шотландиа актәи аминистр Никола Стерџьеонгьы.

Бриатани Аҧыза-министр Борис Џьонсон  аинтенсивтә терапиа аҟәшахьы диаргеит. Акоронавирус адиагноз ззышьақәдырҕәҕәаз Аҧыза-министр амҽышазы ахәышәтәырҭа дҭарҵеит.