Борис Џьонсон  - Украина аиааира ашьҭахь, Қырҭтәылагьы Европа зехьынџьарагьы урыстәылатәи агрессиа ашәарҭара аҧыхра ҳалшоит
Борис Џьонсон  - Украина аиааира ашьҭахь, Қырҭтәылагьы Европа зехьынџьарагьы урыстәылатәи агрессиа ашәарҭара аҧыхра ҳалшоит

Британиа Ду ҧасатәи аҧыза-министр иҳәамҭала, Украина аиааира ашьҭахь  Қырҭтәылагьы Европа зехьынџьарагьы урыстәылатәи агрессиа ашәарҭара аҧыхра рылшоит.  Борис Џьонсон ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Америка Атлантикатә хеилак аҿы данықәгылоз.

„Украина аиааира ашьҭахь, Путин шьҭахьла даныҧхьарцалак,   Қырҭтәылеи, Молдовеи, Балтиатәи атәылақәеи, Мрагыларатә Европеи урыстәылатәи агрессиа ашәарҭара аҧыхра ҳалшоит.  Украина аиааира ашьҭахь, ҳара Европа ашәарҭадара архитектураҿ аҭышәынтәалара шьақәҳаргылоит. Путин акатастрофатә агхақәа изырҟаҵо ахьаҳә-хьачара аҵыхәа ҧаҳҵәоит“, – иҳәеит Борис Џьонсон.