Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишарыцҳаз ала, Беларус Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рхьыҧшымра азхаҵара апроцедура иалагеит ҳәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишарыцҳаз ала, Беларус Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рхьыҧшымра азхаҵара апроцедура иалагеит ҳәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишарыцҳаз ала, Беларус Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа  Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рхьыҧшымра азхаҵара апроцедура иалагеит ҳәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз  ала, Беларус иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара ахаҭарнакцәа Беларус Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аимадара рыман, аиҿцәажәарақәа ран беларустәи аган ишаарыцҳаз ала, Беларус анапхгара Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рызхаҵара азҵаара иахәаҧшуам, ари аинформациа мцуп.

Урыстәылатәи аинтернет-ҭыжьымҭақәа аарыцҳаит  хара имгакәа Беларус анапхгара Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара ргәы иҭоуп ҳәа.