Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР арезолиуциа  «Аурыс агрессиа амшала ауаҩытәыҩса изинқәа рганахьала Украина иҟоу аҭагылазаашьа» иадгылеит, ҳара Украина ҳадгылоит
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР арезолиуциа  «Аурыс агрессиа амшала ауаҩытәыҩса изинқәа рганахьала Украина иҟоу аҭагылазаашьа» иадгылеит, ҳара Украина ҳадгылоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  ЕАР ахеилак адебатқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркылаз арезолиуциа иадгылеит.

«Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР арезолиуциа  «Аурыс агрессиа амшала ауаҩытәыҩса изинқәа рганахьала Украина иҟоу аҭагылазаашьа» иадгылеит. Арезолиуциаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Украина ихьанҭаӡоу агуманитартә ҭагылазаашьа. Ҳара Украина ҳадгылоит», — иануп  Twitter аҿы икьыҧхьыз аҳәамҭаҿы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, арезолиуциаҿы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР ахеилак, Украина иаҿагылоу урыстәылатәи агрессиа амшала Украинаҿ ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара иақәыӡбоит.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, арезолиуциа даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит ЕАР Украина ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

«Иара убас, ЕАР Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит зыҧшра ҟамҵакәа ахатә арбџьармчқәа Украина аҵакырадгьыл алыргарц», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырраҿы.

https://www.facebook.com/mfageorgia/posts/pfbid026vG7bPVnwrZTPTdUWZzRkFEddd7osAs1F5zSa2kEArbi6wLHWQGaodq41Kqc26Nzl