Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Франциа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ лнапынҵақәа шьҭалҵеит заанаҵтәи аконсультациа ашьаҭала, ҳара ацҳаражәҳәаҩ лусушьа ҳгәаҧхом
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Франциа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ лнапынҵақәа шьҭалҵеит заанаҵтәи аконсультациа ашьаҭала, ҳара ацҳаражәҳәаҩ лусушьа ҳгәаҧхом

«Франциа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ лнапынҵақәа шьҭалҵеит заанаҵтәи аконсультациа ашьаҭала, ҳара Ҭеа Катукиа илаҳҳәеит ацҳаражәҳәаҩ лаҳасабала  лусушьа шаҳгәамҧхо», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, Ҭеа Катукиа Адәныҟатәи ауқәа рминистррахь иҟалҵаз ииашам ахарадҵаратә ҳәамҭа уамашәа ирбеит.

«Ҭеа Катукиа Адәныҟатәи ауқәа рминистррахь иҟалҵаз ииашам ахарадҵаратә ҳәамҭа уамашәа иаабеит.  Франциа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ лнапынҵақәа шьҭалҵеит заанаҵтәи аконсультациа ашьаҭала, ҳара Ҭеа Катукиа илаҳҳәеит ацҳаражәҳәаҩ лаҳасабала  лусушьа шаҳгәамҧхо. Рыцҳарас иҟалаз,  Катукиа, зҵакы дуу абри европатәи атәылаҿы ҳтәыла аинтересқәа рыхьчара лылымшеит, илыдыз аҧхықәрақәа лзыналымгӡеит. Убри аҟынтә, шьҭахьҟа лааҧхьара ҳаӡбеит.

Ишыжәдыруа ала, ҳтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа аусхәаҧштә иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәылеи Франциеи реизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагеит, убри аҟынтә, Франциа иҟоу ацҳаражәҳәарҭа напхгаҩыс дҟаҵатәуп иаҳа зквалификациа ҳараку, иаҳа зҧышәа дуу адипломат», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Франциа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭеа  Катукиа иацы ишаалыцҳаз ала, лара лзы иҟоу ақәыҕәҕәара амшала лнапынҵақәа шьҭалҵоит.