Адевелопертә еилахәыра  «Арки»  социалла ихьчам, зымацара инхо  ауааҧсыра рыцхраара иазку акциа иалахәып  [афото]
Адевелопертә еилахәыра  «Арки»  социалла ихьчам, зымацара инхо  ауааҧсыра рыцхраара иазку акциа иалахәып  [афото]

 

Социалла ихьчам, зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра апандемиа аан рыдгылара иазку акциақәа инагӡоит.

Қарҭ ахадара аинформациа ала, адевелопертә  еилахәыра  «Арки» анапхгара Қарҭ ахадара арҭеит  500 ҭаацәара ирызку агәыҳалалратә ҳамҭақәа. Аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе, аилахәыра  «Арки» ашьаҭаркҩы Илиа Ҵулаиеи Қарҭ ахада ихаҭыҧуаҩ Илиа Елошвилии дрыцны, ацхыраара адкылареи аизшареи апроцесс шымҩаҧысуа гәеиҭеит.

Каха Калаӡе социалла ихьчам ауааҧсыра рыцхраара акомпаниа иалахәы аилатәарақәа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Зықәрахь инеихьоу, зымацара инхо, социалла ихьчам ауааҧсыра рыцхраара акомпаниа рхы аладырхәит 25 иреиҳаны абизнес-еилахәырақәа.