Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаттә центр акоронавирус иазку мызктәи астатистика аланарҵәоит
Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаттә центр акоронавирус иазку мызктәи астатистика аланарҵәоит

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаттә центр акоронавирус иазку мызктәи астатистика аланарҵәоит.

Иҟоу адыррақәа рыла, иҳаҩсыз амза азы Қырҭтәыла акоронавирус 35 719-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 43 189-ҩык, 20-ҩык иԥсит.

Цәыббра 01-09 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 11 582-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит  13 065-ҩык, хәҩык иԥсит, аҵоура арбага 16% иаҟароуп. Цәыббра  08-14  рзы Қырҭтәыла акоронавирус 9 206-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит  10 989-ҩык, хәҩык иԥсит, аҵоура арбага 15% иаҟароуп. Цәыббра 15-21 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 7 664-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 9 989-ҩык, аӡәы дыԥсит, аҵоура арбага 12% иаҟароуп .Цәыббра 22-28 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 5 755-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 8 223-ҩык, ԥшьҩык иԥсит, аҵоура арбага 10% иаҟароуп. Цәыббра 29-30 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 1 512-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 923-ҩык, ҩыџьа иԥсит, аҵоура арбага 8% иаҟароуп.