"Ачарыц иазку аиқәшаҳаҭрантә" Урыстәыла иалҵижьҭиеи раԥхьаӡа акәны Одессантә актәи аидаратә аӷба дәықәлеит
"Ачарыц иазку аиқәшаҳаҭрантә" Урыстәыла иалҵижьҭиеи раԥхьаӡа акәны Одессантә актәи аидаратә аӷба дәықәлеит

Пхынгәы 17 рзы “Ачарыц иазку аиқәшаҳаҭра” аҿҳәара анҵәара ашьҭахь Урыстәыла аиқәшаҳаҭра иалҵижьҭиеи раԥхьаӡа акәны Одессантә актәи аидаратә аӷба дәықәлеит.

Украина Аинфраструктуртә аҿиара аминистр Александр Кубраков асоциалтә каҭаҿы ишааицҳаз, германтәылатәи аидаратә аӷба “Џьозеф Шульте” Одессатәи апорт аҟны 2023 шықәса жәабран инаркны игылан, уажәы уи Босфор ахь ахы рхоуп. Аӷба ақәуп 30 тонна аидара.

Кубраков ишазгәеиҭаз ала, аамҭалатәи акоридор рхы иадырхәоит, раԥхьаӡа иргыланы, Украинатәи абаӷәазақәа Черноморски, Одессеи Иужени рҟны иаанхаз аӷбақәа .